Серенада ашта итыцуа ицу,
серенада амҩа икәу ицу
зымацараа гәырҩала амҩа икәу акы ицазхәо
Серенада ҩыџьа рымҩа еимаздо
Ахәычкәацәҟьа ахьгаро ацәа иазто
Иубартоуп амаза змам хаарала итәуп
́
Серенада дарбану изгәампхо
Исахандаз дачазнык хәа згәы иамхәо
Ажәла дырхатарнакызааит атахзар
Серенада ашәахәаҩы дзырхәыцуа
Дкәашаҩызаргьы дҟазцо дцых-цыхуа
Жәала ашәткәа ирымхәозар рымаза бзиа
Припев
Шьта бгәашә хәычкәа сара сырталоит мышьтабзиа
Сара сашәа ссиркәа бзыскуеи бара абзиа
Бареи сараие амза ҿа ангыло хаицапылап
Имхәакәа хгәаца итоу мышьтабзиа.
Серенада ныхәа гьамаоуп иамоу
Ихәырбгьыцуп сгәацаҿ ахәра анамоу
Баша икапсазар бгьыцк тагала азы иамазоуп
Серенада ҟәыш ахымдыр амам
Иара ануцугь башоуп амшкәагь амам
Хара ханишоз анцәа убригь ишазар уигь аурацәан
Припев 2 р.